Маан Сириа ракетала ааха аҭара иазкны: аҳәынҭқарра дуқәа ауаа рнырҵәара иаҿуп
Мшаԥы 14 асааҭ 3:42 инаркны 5:10 Америкеи Британиа Дуи Франциеи рырратә ҳаиртә мчрақәа Сириа арратәи ауаажәларратәи аобиектқәа аракетақәа рыжәырҵеит. Ари ахҭыс дақәыӡбо Сириантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз Маамун Маан Sputnik Аԥсны ҭелла иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра дуқәа ауаа рныҵәара ишаҿу.