Гындиа: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иахьазы техникала еиқәыршәоуп
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра есышықәса ҳтәыла араионқәа зегьы рҟнытә атехника ҷыда еизганы аҳҭнықәалақь аҿы иӡырыргоит. Иарбан машьынақәоу урҭ рахьынтә иаҳа "иҷыдоу" абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭаиҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.