Цкәуа Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир азы: сынтәа жәларбжьаратәины иҟалеит
Афонҿыцтәи аҳаԥы аартыҩ Гиви Смыр игәалашәара иазкны ақалақь аҟны имҩаԥысуа ахәыҷтәы шьапылампылтә еицлабра рхы аладырхәырц Аԥсны анҭыҵынтә ԥшь-командак ааит иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Афон Ҿыц ахадара аҿари аспорти рзы аилак ахантәаҩы Михаил Цкәуа.