Гәылариа: атәанчахәытә фонд аҟынтә аԥарақәа раӷьырак аветернцәа ирзырхоуп
Аԥсны 40 нызқьҩык атәанчаҩцәа ыҟоуп. Дара зегьы атәанчахәы рызшәара мариам, иҳәеит Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа, автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Иҳаҩсыз асабшазы ажурналист Елонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылеит ауаатәыҩса тәанчахәыла реиқәыршәара атема.