Ҷыҭанаа: аӷбақәа аҟәара 500 метра иазааигәаны аԥсыӡкра азин рымам
Аԥсны ахы аҵыхәа аҟәара иазааигәаны аԥсыӡкра азин ыҟам, уи аԥҟарақәа еилазго ахьырхәтәуп, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы Аекологиеи аԥсабарахьчареи рҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.