"Амузыкатә ԥхынра": Пицунда есымчыбжьы ауарӷантә концертқәа мҩаԥысуеит
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны, лаҵарамза инаркны, рашәарамза агәҭанӡа, есымчыбжьы ауарӷантә концертқәа мҩаԥысуан. Ҳазҭоу амза анҵәамҭа инаркны, аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи ирымоуп алшара, есыҽны аклассикатә музыка аконцертқәа рҭаара.