Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых
Аԥсны, аԥкьаҭ асразы имҩаԥысуа атурнирқәа реиҳарак Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәаҟноуп иахьеиҿкаахо. Алахәцәеи асасцәеи, ахәмаррақәа ирхашәаланы ари адәы аҭоурых ҭызҵаауа рацәаҩым. Убри аҟнытә, иахьа аԥхьаҩцәа ишәеилҳаркаауеит, Гагратәи аԥкьаҭ асратә адәы ашьақәгылашьа, уи атәы еиҭеиҳәоит 20 шықәса инеиԥынкыланы напхагара азҭо Лев Волокитин.