Агрба хабарда ибжьаӡыз Семион Агрба изкны: иԥҳа илдыруазҭгьы шьапыла дцон
Апроект "Ахьыӡ азырхынҳәра" иабзоураны еилкаахеит Аџьынџьтәылатәи еибшьра Ду аан хабарда ибжьаӡыз Семион Агрба анышә дахьамадо. Аибашьҩы иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи иашьа иԥа, Агрба Алықьса.