Ҳаԥсуа бираҟқәа бираҟхом ҳбызшәада: Рушьбеи Смыр иажәа ҭынха
![Ҳаԥсуа бираҟқәа бираҟхом ҳбызшәада: Рушьбеи Смыр иажәа ҭынха](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102808/46/1028084605.jpg)
Аԥсуаа ҳзы ихьаа духеит Аԥсны Жәлар рпоет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Рушьбеи Смыр иаамҭанымкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз. Ишәыдаагалоит уи ипоезиа иагәылсны ицо ипатриоизмреи, ҳаԥсадгьыл иахҭнагахьоу азы ихьааи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ихәыцрақәеи зныԥшуа иажәеинраалақәа ируаку "Аԥсны абираҟқәа". Даԥхьоит Аԥсны Жәлар рартист Ҭемраз Чамагәуа.