Ҳагԥҳа акциа "Гәыразыла": ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы рымҩаԥгара ҳагәҭакуп
Москва, абҵара 2 рзы, имҩаԥысран иҟоу агәыҳалаларатә хәылԥазы иалахәхо, насгьы еизнаго аԥара ззырхахо атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд "Ашана" апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа.