Кан Кәарҷиа: ауаа зегь рыҩны аԥхьа ҳнеины иаҳзыԥссаӡом
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мчыбжьыктәи аинспекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа игәеиҭеит аҳҭнықалақь аҟны иҟоу аҩнеихагылақәа рышҭақәак, амҩадуқәа, даҭааит Аџьармыкьа хада. Уи аԥхьа аилацәажәара мҩаԥигеит аҳҭнықалақь ахԥатәи аҩнусбарҭаҟны.