Амҷыԥҳа еиҭалҳәеит аҿкычымазара ашыкьымҭаз ПЦР анализқәа рыҭҵаарақәа шымҩаԥыргоз
ПЦР анализқәа рыҭҵаарақәа ахьымҩаԥырго Аҟәатәи алабораториа аусзуҩы Мактина Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьазы аҭҵаарақәа рхыԥхьаӡара иахьынӡагхаз, насгьы ачымазцәа рхыԥхьаӡара анырацәаз ирыцхраауаз атәы.