Ачемпионат "Lamborghini Super Trofeo-2021" аҿы Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
![Ачемпионат](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/04/12/1032246419.jpg)
Аԥснытәи аспортсмен, автоеиԥхныҩлара алахәыла Дмитри Ӷәазааи италиатәи акоманда "Target Racing"-и аилаӡара рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны иара европатәи ачемпионат "Lamborghini Super Trofeo-2021" аҿы хәажәкырамза анҵәамҭазы дықәгылеит.