Бганба ишәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" азы: аибашьра аҭоурых аҿар рзы ианысҵеит
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьара аветеран, Леон иорден занашьоу Алԥер Бганба арадио Sputnik ефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" аҭыжьразы ахшыҩҵак шизцәырҵыз, иеибашьратә мҩа, ишәҟәы ахьӡ ахьынтәиаауа ртәы.