Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны
![Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102081/10/1020811036.jpg)
Мшаԥымза 10 рзы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 84 шықәса ихыҵуан ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара адоктор, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.