Аԥснытәи амилициа Гагра иӡыз урыстәылауаҩ иԥшаара иаҿуп
Зхабар ыҟам Михаил Воропаев 1979 шықәса рзы диит, иоура 177-178 см ыҟоуп, "хаки" ацәаԥшшәахәы змоу аиқәа ишьоуп, ахыцеилаԥса кьаҿ ишәуп, зыҵа шкәакәоу аимаақәа ишьоуп, ицәиаҵәоу акуртка ишәуп. Ахаҵа арыжәтә ажәра дачычоуп.