Жьиԥҳа Гәдоуҭа аӡхыҵра ирнаҭаз аԥхасҭазы: акгьы аанымхеит, шьымхахьы агәам ҳалагылоуп
![Жьиԥҳа Гәдоуҭа аӡхыҵра ирнаҭаз аԥхасҭазы: акгьы аанымхеит, шьымхахьы агәам ҳалагылоуп](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/07/1c/1032920354.jpg)
Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны иауз ақәаршҩы иахҟьаны Гәдоуҭа араион иҟалаз аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз ақалақь аҟны инхо Елла Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит рыҩны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.