БАДРА ГУНБА ПОЗДРАВИЛ ЭКС-ПРЕЗИДЕНТОВ АБХАЗИИ С НОВЫМ ГОДОМ

Сухум. 1 января 2026 г. Абхазия-Информ. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Александр Анқәаб Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҽыц! Шәара шәыҧсҭазаараҿы акыр аџьабаа жәбеит ҳҳәынҭқарра азы. Уи ҳажәлар пату ақәырҵоит.
Иахьа аҳәынҭқарра напхгара азҭо иаҳуалуп ҳаҧсадгьыл амаҵ азызуаз рџьабаа пату ақәҵаны, урҭ рлагамҭақәа реизырҳара.
Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ҭаацәыныла аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа. Ҳазҭалоу ашықәс маншәалахааит ҳауаажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы».
***
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц аныҳәа! Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ҳҳәынҭқарра напхгара азҭоз рлагамҭа пату ақәҵара ҳуалуп хымҧада. Иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы шәылшамҭақәа рацәоуп.
Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, ҭаацәаныла аизҳара, аманшәалара».
***
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Ишәыдысныҳәалоит иааиуа 2026-тәи Ашықәс ҽыц! Шәыуаажәлари шәыҧсадгьыли рзы ишәылшәыршаз маҷӡам.
Ҳҳәынҭқарра аҿиара шәлагала адуп еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ҳтәыла напхгара азҭоз аиҳабацәа. Ҳазҭало Ашықәс ҿыц иацзааит Шәара шәзын агәалаҟазаара бзиа, аманшәалара, ҭаацәаныла аизҳазыҕьара».