Аладатәи арратә oкруг арратә база 500-ҩык аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит
Аладатәи арратә Округ арратә база 500-ҩык аруаа, сынтәа жьҭаареи абҵареи амзақәа рзы аррахь инаԥхьоу, аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит. Дара ирҵоит ахысырҭа ҭыԥқәа ралкаашьа, абџьар ахархәашьа, арратә ҟәшақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны реинырра шымҩаԥыргаша.