Аҭоурыхҭҵааҩ "Дәрыԥшьтәи аизара" иазкны: ҩажәа ныӡқьҩык ауаа еиднакылеит
1931 шықәса жәабран 18 рзы Дәрыԥшь ақыҭан иалагеит жәамш имаԥысуаз Жәлар реизара ду, уи иалахәын 20000 ҩык ауааԥсыра. Ажәлар реизара мзыс иамаз, арадио Sputnik астудиаҟны еиҭаиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.