Шьалашьаа Олег Шамба изкны: зыхшыҩ ҵарыз уаҩын
Аекономика аҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Олег Шамба иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 60 шықәса. Аҵарауаҩ инапы злакыз аусқәеи уи илагалеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аекономика атҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.