Барганџьиа: сыла ихгылоуп Аҳбиуқҟа вертолиотла ицоз аҷкәынцәа
Абаталион "Горец" аибашьҩы Ахаҵаразы аорден занашьоу Валери Барганџьиа Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 25 шықәса раԥхьа ашьха Аҳбиуқ аҟны аҭакԥхықәра зцыз адҵа анагӡараз ишдәықәҵаз абаталион ахәҭак.