Какоба: ҳҩызцәа зегьы арратә парад алахәхара ахьрыламшаз ҳгәы ҳнархьуеит
Аԥсны аҵареи аҵарадырреи рминистр, аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Адгәыр Какоба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа 25 шықәса ахыҵра инамаданы еиҿкааз арратә парад далахәын. Уи шымҩаԥысыз атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.