Урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара иалацәажәан
Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума ахаҭарнакцәеи урҭ аԥснытәи рколлегацәеи алацәажәеит урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара. Аицеилатәара мҩаԥган ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭакны.