Шамԥҳа еиҭалҳәеит "Аҵх амузеи аҟны" акциазы иарбан жәытә експонату ицәырыргаз
Лаҵарамза 18 рзы амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш азы имҩаԥгахоит "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа. Ари адунеи атәылақәа жәпакы рҟны имҩаԥырго ауснагӡатәқәа Аԥснытәи амузеиқәа рхы аладырхәеит 2015 шықәса раахыижьҭеи. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы еиҿкаахо ацәыргақәҵа атәы, насгьы уи аекспозициақәа ируакхо апатефон далацәажәоит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аиҳабы, аҭҵаарадырратә усзуҩы Инга Шамԥҳа.