Ақырҭуа ҩқәа ретикеткаҿы Асовет Қырҭтәыла ахсаала рнуп
Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа агәынамӡара аанарԥшит Урыстәылатәи аџьармыкьахь инеиуа ақырҭуа ҩқәа ретикеткақәа рҿы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи автономтә республикақәак раҳасаб ала излоу Қырҭтәылатәи ССР ахсаала ахьырну.