Қаџьаиа: аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшразаалак, Ашықәс ҿыц азы аныҳәа рзыҟаҳҵоит
Ашықәс ҿыц аныҳәазы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа шрыдыркыло, шаҟаҩы ирзыԥшу, бжьаратәла аномер шаҟа иаԥсоу атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны асасааирҭа "Интер-Сухум" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Қаџьаиа.