Какалиа: адгьыл иқәаарыхуа анҭыҵ ииго абаџь ақәымзароуп
Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Амиран Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит анхаҩы анҭыҵ ииго иаарыхра абаџь ақәҵара азҵаара шыҭҵаатәу, иаԥыхтәуп зынӡагьы ҳәа агәаанагара шимоу.