Амҷыԥҳа: Германиа иҟоу ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара рӷәӷәатәуп
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы ашықәс иалагӡаны имҩаԥгаз аусурақәа ртәы еиҭалҳәеит, иазгәалҭеит аамҭа цыцԥхьаӡа уа иҟоу адиаспореи дареи реимадара шыԥсыҽхо.