Џьынџьалԥҳа Аӡынтәи афестиваль аҿы рықәгыларазы: егьырҭ ахорқәа ҳрыҵахарым
Жәабранмзазы Шәача имҩаԥысраны иҟоу XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла. Уи анапхгаҩы Нора Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы.