Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьопуа Аԥсуа Баагәара ду иадҳәалоу аҭҵаамҭақәа ирызкны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаараҿы иаҳа хшыҩзышьҭра зиҭаз ҭҵаамҭақәак ртәы еиҭеиҳәеит арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.