Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа аибашьҩы Борис Инаԥшьба изкны
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҿы акыршықәса ҵуеит хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа ирызку акәакь ыҟоуижьҭеи. Уаҟа иӡыргоу амаҭәарқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амузеи аусзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа.