Аҭоурых иагәылаҵәаху: Шамԥҳа ԥшь-ҿык змоу ампахьшьы иазкны
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 2015 шықәсазы Елена Гордиенко-Леиба амузеи ҳамҭас иалҭаз ампахьшьқәа рҭоурых атәы.