Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо: Аԥсны Арбџьармчқәа шаԥҵаз
Жьҭаарамза 11, 1992 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Агенералтә штаби Арбџьармчқәеи рминистрра аԥҵаразы. Ари амш Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәеи аԥсуа ари ирымшны иԥхьаӡоуп.