Бжьаниа амаинерцәа ахараԥса рықәҵаны рмаругақәа рымҳхуеит иҳәеит
Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.