Воуԥҳа: ауаа аилкаара аадырԥшыроуп, ҳҳақьымцәа уаҳа рылшом, дара рхаҭақәагьы чмазаҩхеит
![Воуԥҳа: ауаа аилкаара аадырԥшыроуп, ҳҳақьымцәа уаҳа рылшом, дара рхаҭақәагьы чмазаҩхеит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/08/18/1030814508.jpg)
Аҟәа ақалақь ахадара агәыбзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит анализқәа ахьрырҭо аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аҵҵареи, аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аҭыԥқәа рацҵаразеи аҳҭнықалақь ахада идҵа анагӡара аус шцо атәы.