Ҳагԥҳа: аԥҳәыс хшыҩла ахацәа дреиҵамзаргьы, анаука мацара лҽаҭан дҟалартә алшара лымам
![Ҳагԥҳа: аԥҳәыс хшыҩла ахацәа дреиҵамзаргьы, анаука мацара лҽаҭан дҟалартә алшара лымам](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/01/1c/1031717932.jpg)
Жәабран 11 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аҭҵаарадырра знапы алаку аҳәса рымш. Аԥсуа ҭҵаарадырраҿы аԥхәыс иаанылкыло аҭыԥ атәы, насгьы уи лықәҿиарақәа зыбзоуроу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.