Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа Тариел Тапаӷәуа иҭынхаз абџьар атәы
Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҭоурых аҟәша аиҳабы аусзую Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амузеи аҟны ирымоу Марттәи ажәылара иадҳәалоу аекспонатқәа ртәы. Урҭ руак аибашьҩы Тариел Тапаӷәуа иҭынхаз абџьар ауп.