Кәыҵниа: ақалақь аҟны шаҟа ирацәоу аҟара агидрантқәа ҳус маншәалахоит амцакрақәа раан
Амцакрақәа раан Аҟәа иқәыргылаз агидрантқәа АҶА аусзуҩцәа рус ахьынӡадырманшәало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықьалақь ақалақьи араиони абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.