Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит
![Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/05/04/1032347542.jpg)
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара занашьоу Сергеи Дбар иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵара 2 рзы 75 шықәса ихыҵуазаарын. Аԥсны имҩаԥысуеит ар рԥыза игәалашәара иазку усмҩаԥгатәқәа.