Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ануеи Габелиеи аҳцәа рчымазара иазкны
![Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ануеи Габелиеи аҳцәа рчымазара иазкны](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e5/07/02/1032752415.jpg)
Аԥсуаа ҳҿы ана-ара иуаҳауеит "аҳцәа иҭоуп" ҳәа ззырҳәо ачымазара аӡбахә. Уи изакәытә чмазароу атәы алацәажәаразы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҳақьым-апсихиатор Константин Ануеи иара убас уи ачымазара зхызгахьоу, аҳцәа зҭаахьоу Беслан Габелиеи.