Арепатриациа афонд аԥарақәа реимҵәаразы аус иалаҟьашьу даҽаӡәы даанкылоуп
Арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Дбар ахара идырҵоит имаҵура ихы иархәаны адокументқәа еилаганы, аҳәынҭқарратә ԥара рацәаны еимиҵәеит ҳәа. Ари аус иалахәуп ИАЕ "РемСтрой2012" аиҳабы Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшразы анџьныр Денис Ақаҩбеи.