Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аепидмаҵзура COVID аӡәы заҵәык идырбалеит ҩымчыбжь рыла
![Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аепидмаҵзура COVID аӡәы заҵәык идырбалеит ҩымчыбжь рыла](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102982/80/1029828007.jpg)
Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы еиҿкаау асанитар-епидемиологиатә маҵзураҟны иддырбароуп алаҵа шыҟарҵаз атәы зҳәо ашәҟәы, COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, ма ацәеижьҿагылақәа шрымоу аазырԥшуа абӷьыц.