Ҷкотуа ҳџьынџьуаа аибашьраан Аԥсныҟа рааразы: ахыԥхьаӡара акәмызт аус злаз
Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш. Убри инадҳәаланы аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа аибашьраан рыԥсадгьыл ахьчараз раара шыҟалаз, насгьы уи ажәабжь шрыдыркылаз иазкны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ҳиҿцәажәеит аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.