Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы америкатәи аԥарԥалыкь ишаҿагылоу
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь аҟнытә аҵиаақәа рыхәшәтәразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.